Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иҳаҩсыз ашықәс ақыҭанхамҩазы изеиԥшраз, ашықәс иалагӡаны еиҿкааз ауснагӡатәқәа, лҵшәас иҟоу, аминистрра ахыдҵақәа рынагӡара ахьынӡалшаз. Аминистр ақыҭанхамҩа арҿиара ҩ-хырхарҭакны ишцо азгәеиҭеит, ганкахьала абиуџьет ирнаҭо алшарақәа, убасгьы аинвестициақәа рыла зыӡбара ауа азҵаарақәа. Хышықәса инеиԥынкыланы ақыҭанхамҩа аминистрра абиуџьет 100 миллион мааҭ инаӡон, сынтәа 150 миллион мааҭ азарбоуп иҳәеит Џьопуа. Убасгьы иазгәеиҭеит аинвестрцәа рганахьала аԥсыҽрақәа шыҟоу, макьаназы рмал ақыҭанхамҩа алаҵара рзыгәаӷьуам ҳәа. Ус шакәугьы иҭырҵаауа апроектқәа ыҟоуп, урҭ 300-500 мииллион инацынгьы иаԥсоуп, ари ашықәс…